Аԥсны

Ацҳаражәҳәаҩ агәаҟраԥсра здызкылаз: Иԥшьоу Симон Канатәи игәалашәара амш

Лаҵарамза 23 рзы Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго дыргәаладыршәоит Иԥшьоу Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи.
Sputnik
Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи Иаса Қьырса иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкуп. Иҟоу адыррақәа рыла, I ашәышықәса азбжазы ацҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Канатәи Аԥсныҟа иааит Иаса Қьырса дшыбзахаз ажәабжь рыманы.
Симон Канатәи Афон ҿыц аӡиас Ԥсырӡха ааигәара иҟоу аҳаԥы нхарҭас иалихит. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ иакәзар - Анцәа иажәа аларҵәаразы имҩа иациҵеит Амшын еиқәа аҿықә аҩадаҟа даваланы.
Абри аамҭоуп Аԥсны ақьырсианра алаҵәара ианалагаз ҳәа иԥхьаӡоу.
Ақьырсиан динхаҵаҩцәа анықәарцоз аамҭазы, Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симан Канатәи Ԥсырӡха аӡиа ахықәан цәгьаԥсышьа иҭан дыршьуеит.
Симон дахьынхоз аҳаԥы ааигәара ачымазарақәа зыхәшәтәуаз аӡыхь ыҵыҵуа иалагеит. IV ашәышықәсазы Симон Канатәи анышә дахьамадоу ааигәара ихьӡала ауахәама ргылан.
1 / 16

Аԥсны аиашахаҵаратә динхаҵаҩцәа Лаҵара 23 рзы иазгәарҭоит Иԥшьоу Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи имш.

2 / 16

Аҭыԥԥшьаҩныҟәаҩцәа алшықәсак Ԥсырӡха Ацқьа ацҳаражәҳәҩ Симон Канатәи иҿыџь иаҭаауеит.

3 / 16

Симон Канатәи Иаса Қьырса иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкуп.

4 / 16

I ашәышықәса азбжазы ацҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Канатәи Аԥсныҟа иааит Иаса Қьырса дшыбзахаз ажәабжь рыманы.

5 / 16

Симон Канатәи Афон ҿыц аӡиас Ԥсырӡха ааигәара иҟоу аҳаԥы нхарҭас иалихит. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ иакәзар - Анцәа иажәа аларҵәаразы имҩа иациҵеит Амшын еиқәа аҿықә аҩадаҟа даваланы.

6 / 16

Симон Канатәи иҿыџьахь узланеиуа амҩан ақьырсианцәа агәра зларго ала, еиқәханы иҟоуп ацҳаражәҳәаҩ ишьапҭыԥ зынхалаз ахаҳә ду.

7 / 16

I ашәышықәсазы Симон дахьынхоз аҳаԥы ааигәара ачымазарақәа зыхәшәтәуаз аӡыхь ыҵыҵуа иалагеит.

8 / 16

Иршанхагоу аԥсабара иагәылган инеиуеит Симон Канатәи иҿыџьахь уназго амҩа.

9 / 16

Симан Канатәи иҿыџьахь ухазгало амардуанқәа ацаҟьахаҳәла иҟаҵоуп.

10 / 16

Симон Канатәи нхарҭас иалихыз иҳаԥҿыџьахь уназго амҩа.

11 / 16

Симан Канатәи игәалашәара амш, Аԥсны аныҳәа ԥсшьарамшны иԥхьаӡоуп.

12 / 16

Аҳаԥы ԥҽны Симон Канатәи иуадахь уназго ахаҳәтә мардуан ҟарҵеит Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҿы Анцәа имҵаныҳәоз, аурыс берцәа 1884 шықәсазы.

13 / 16

Аҿыџь аҩнуҵаҟа еиқәханы иҟоуп 1884 шықәсазы, Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҿы Анцәа имҵаныҳәоз аурыс берцәа иҭырхыз Иаса Қьырсеи Симон Канатәи рныхачаԥақәа.

14 / 16

Зықьҩыла аҭыԥантәи ауааԥсыреи атуристцәеи араҟа иааны иматанеиуеит.

15 / 16

Ажәытәӡа аҿыџь аҩналарҭа - иагьшәын иагьԥенџьарын.

16 / 16

Ақьырсиан динхаҵаҩцәа анықәарцоз аамҭазы, Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симан Канатәи Ԥсырӡха аӡиа ахықәан цәгьаԥсышьа иҭан дыршьуеит.