https://sputnik-abkhazia.info/20220523/atsarazha-agarasra-zdyzkylaz-ishou-simon-kanati-igalashara-amsh-1039181359.html
Ацҳаражәҳәаҩ агәаҟраԥсра здызкылаз: Иԥшьоу Симон Канатәи игәалашәара амш
Ацҳаражәҳәаҩ агәаҟраԥсра здызкылаз: Иԥшьоу Симон Канатәи игәалашәара амш
Лаҵарамза 23 рзы Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго дыргәаладыршәоит Иԥшьоу Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи. 23.05.2022, Sputnik Аҧсны
2022-05-23T11:40+0300
2022-05-23T11:40+0300
2022-05-23T11:40+0300
аԥсны
афотосахьақәа
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/11/1039144345_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_b3ebca52508a84a261b7d4a22b1db5f8.jpg
Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи Иаса Қьырса иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкуп. Иҟоу адыррақәа рыла, I ашәышықәса азбжазы ацҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Канатәи Аԥсныҟа иааит Иаса Қьырса дшыбзахаз ажәабжь рыманы.Симон Канатәи Афон ҿыц аӡиас Ԥсырӡха ааигәара иҟоу аҳаԥы нхарҭас иалихит. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ иакәзар - Анцәа иажәа аларҵәаразы имҩа иациҵеит Амшын еиқәа аҿықә аҩадаҟа даваланы. Абри аамҭоуп Аԥсны ақьырсианра алаҵәара ианалагаз ҳәа иԥхьаӡоу.Ақьырсиан динхаҵаҩцәа анықәарцоз аамҭазы, Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симан Канатәи Ԥсырӡха аӡиа ахықәан цәгьаԥсышьа иҭан дыршьуеит.Симон дахьынхоз аҳаԥы ааигәара ачымазарақәа зыхәшәтәуаз аӡыхь ыҵыҵуа иалагеит. IV ашәышықәсазы Симон Канатәи анышә дахьамадоу ааигәара ихьӡала ауахәама ргылан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/11/1039144345_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_0c5eabb38d983f674050c49d3527eb39.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
афотосахьақәа, фото
Ацҳаражәҳәаҩ агәаҟраԥсра здызкылаз: Иԥшьоу Симон Канатәи игәалашәара амш
Лаҵарамза 23 рзы Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго дыргәаладыршәоит Иԥшьоу Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи.
Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи Иаса Қьырса иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкуп. Иҟоу адыррақәа рыла, I ашәышықәса азбжазы ацҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Канатәи Аԥсныҟа иааит Иаса Қьырса дшыбзахаз ажәабжь рыманы.
Симон Канатәи Афон ҿыц аӡиас Ԥсырӡха ааигәара иҟоу аҳаԥы нхарҭас иалихит. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ иакәзар - Анцәа иажәа аларҵәаразы имҩа иациҵеит Амшын еиқәа аҿықә аҩадаҟа даваланы.
Абри аамҭоуп Аԥсны ақьырсианра алаҵәара ианалагаз ҳәа иԥхьаӡоу.
Ақьырсиан динхаҵаҩцәа анықәарцоз аамҭазы, Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симан Канатәи Ԥсырӡха аӡиа ахықәан цәгьаԥсышьа иҭан дыршьуеит.
Симон дахьынхоз аҳаԥы ааигәара ачымазарақәа зыхәшәтәуаз аӡыхь ыҵыҵуа иалагеит. IV ашәышықәсазы Симон Канатәи анышә дахьамадоу ааигәара ихьӡала ауахәама ргылан.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аԥсны аиашахаҵаратә динхаҵаҩцәа Лаҵара 23 рзы иазгәарҭоит Иԥшьоу Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи имш.

Аԥсны аиашахаҵаратә динхаҵаҩцәа Лаҵара 23 рзы иазгәарҭоит Иԥшьоу Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи имш.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аҭыԥԥшьаҩныҟәаҩцәа алшықәсак Ԥсырӡха Ацқьа ацҳаражәҳәҩ Симон Канатәи иҿыџь иаҭаауеит.

Аҭыԥԥшьаҩныҟәаҩцәа алшықәсак Ԥсырӡха Ацқьа ацҳаражәҳәҩ Симон Канатәи иҿыџь иаҭаауеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Симон Канатәи Иаса Қьырса иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкуп.

Симон Канатәи Иаса Қьырса иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкуп.
© Sputnik / Томас Тхайцук I ашәышықәса азбжазы ацҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Канатәи Аԥсныҟа иааит Иаса Қьырса дшыбзахаз ажәабжь рыманы.

I ашәышықәса азбжазы ацҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Канатәи Аԥсныҟа иааит Иаса Қьырса дшыбзахаз ажәабжь рыманы.
© Sputnik / Томас Тхайцук Симон Канатәи Афон ҿыц аӡиас Ԥсырӡха ааигәара иҟоу аҳаԥы нхарҭас иалихит. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ иакәзар - Анцәа иажәа аларҵәаразы имҩа иациҵеит Амшын еиқәа аҿықә аҩадаҟа даваланы.

Симон Канатәи Афон ҿыц аӡиас Ԥсырӡха ааигәара иҟоу аҳаԥы нхарҭас иалихит. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ иакәзар - Анцәа иажәа аларҵәаразы имҩа иациҵеит Амшын еиқәа аҿықә аҩадаҟа даваланы.
© Sputnik / Томас Тхайцук Симон Канатәи иҿыџьахь узланеиуа амҩан ақьырсианцәа агәра зларго ала, еиқәханы иҟоуп ацҳаражәҳәаҩ ишьапҭыԥ зынхалаз ахаҳә ду.

Симон Канатәи иҿыџьахь узланеиуа амҩан ақьырсианцәа агәра зларго ала, еиқәханы иҟоуп ацҳаражәҳәаҩ ишьапҭыԥ зынхалаз ахаҳә ду.
© Sputnik / Томас Тхайцук I ашәышықәсазы Симон дахьынхоз аҳаԥы ааигәара ачымазарақәа зыхәшәтәуаз аӡыхь ыҵыҵуа иалагеит.

I ашәышықәсазы Симон дахьынхоз аҳаԥы ааигәара ачымазарақәа зыхәшәтәуаз аӡыхь ыҵыҵуа иалагеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Иршанхагоу аԥсабара иагәылган инеиуеит Симон Канатәи иҿыџьахь уназго амҩа.

Иршанхагоу аԥсабара иагәылган инеиуеит Симон Канатәи иҿыџьахь уназго амҩа.
© Sputnik / Томас Тхайцук Симан Канатәи иҿыџьахь ухазгало амардуанқәа ацаҟьахаҳәла иҟаҵоуп.

Симан Канатәи иҿыџьахь ухазгало амардуанқәа ацаҟьахаҳәла иҟаҵоуп.
© Sputnik / Томас Тхайцук Симон Канатәи нхарҭас иалихыз иҳаԥҿыџьахь уназго амҩа.

Симон Канатәи нхарҭас иалихыз иҳаԥҿыџьахь уназго амҩа.
© Sputnik / Томас Тхайцук Симан Канатәи игәалашәара амш, Аԥсны аныҳәа ԥсшьарамшны иԥхьаӡоуп.

Симан Канатәи игәалашәара амш, Аԥсны аныҳәа ԥсшьарамшны иԥхьаӡоуп.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аҳаԥы ԥҽны Симон Канатәи иуадахь уназго ахаҳәтә мардуан ҟарҵеит Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҿы Анцәа имҵаныҳәоз, аурыс берцәа 1884 шықәсазы.

Аҳаԥы ԥҽны Симон Канатәи иуадахь уназго ахаҳәтә мардуан ҟарҵеит Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҿы Анцәа имҵаныҳәоз, аурыс берцәа 1884 шықәсазы.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аҿыџь аҩнуҵаҟа еиқәханы иҟоуп 1884 шықәсазы, Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҿы Анцәа имҵаныҳәоз аурыс берцәа иҭырхыз Иаса Қьырсеи Симон Канатәи рныхачаԥақәа.

Аҿыџь аҩнуҵаҟа еиқәханы иҟоуп 1884 шықәсазы, Афонҿыцтәи аберҭыԥ аҿы Анцәа имҵаныҳәоз аурыс берцәа иҭырхыз Иаса Қьырсеи Симон Канатәи рныхачаԥақәа.
© Sputnik / Томас Тхайцук Зықьҩыла аҭыԥантәи ауааԥсыреи атуристцәеи араҟа иааны иматанеиуеит.

Зықьҩыла аҭыԥантәи ауааԥсыреи атуристцәеи араҟа иааны иматанеиуеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАжәытәӡа аҿыџь аҩналарҭа - иагьшәын иагьԥенџьарын.

Ажәытәӡа аҿыџь аҩналарҭа - иагьшәын иагьԥенџьарын.
© Sputnik / Томас Тхайцук Ақьырсиан динхаҵаҩцәа анықәарцоз аамҭазы, Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симан Канатәи Ԥсырӡха аӡиа ахықәан цәгьаԥсышьа иҭан дыршьуеит.

Ақьырсиан динхаҵаҩцәа анықәарцоз аамҭазы, Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симан Канатәи Ԥсырӡха аӡиа ахықәан цәгьаԥсышьа иҭан дыршьуеит.