Лаҵарамза 23 рзы Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго дыргәаладыршәоит Иԥшьоу Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи.
"Симон Канатәи ишьа Аԥсны иахькаҭәо – ари даара акырзҵазкуа ҳҭоурых зырбеиуа акоуп. Ари ҳара ҳахӡыӡаауазароуп ҳәа сгәы иснаҭоит сара. Иҟоуп ҳаиҳа еиҳау аҳәынҭқаррақәа, изхыҽхәаша змам, исҭахуп уи ҳацныҟәаларц. Жәашықәса ҵуеит сҽыснаҭеижьҭеи. Есышықәса ари аныҳәа, ныҳәа дук еиԥш исыдыскылоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Чуазԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.