"Алшарақәа раамҭа": Урыстәылеи Белоруссиеи рхадацәа Шәача излацәажәоз

Урыстәылеи Белоруссиеи рхадацәа Владимир Путини Александр Лукашенкои Шәача реиԥылара аофициалтә хәҭа мҩаԥысуан 4 сааҭки 50 минуҭи.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 24 - Sputnik. Урыстәылеи Белоруссиеи рхадацәа Владимир Путини Александр Лукашенкои аицәажәара мҩаԥыргеит Шәача лаҵара 23 азы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Урыстәыла ахада иажәақәа рыла, дара хаз ҷыдала реиԥылара аҭагылазаашьа иақәшәоит, атәылақәа ршәарҭадареи рекономикеи рызҵаарақәа ирхьырԥшуп.
Путин иҳәеит Урыстәыла иадҟаҵалоу асанкциақәа анырра ӷәӷәа шарымҭаз.

"Иазгәасҭар сҭахуп ауадаҩрақәа шыҟоугьы урыстәыла аекономика асанкциатә қәыӷәӷәара иаҵагылоит ҳәа. Ус шакәу аадырԥшуеит амакроекономикатә рбагақәа", - иҳәеит Урыстәыла ахада.

Белоруссиатәи иколлега аҭагылазаашьа "алшарақәа ираамҭоуп" ҳәа иҳәеит, иагьазгәеиҭеит мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәылеи Белоруссиеи рекономика нап адыркылартә ишыҟарҵаз.
Белоруссиеи Урыстәылеи Реидгылатә ҳәынҭқарра аҿиара далацәажәо Путин иҳәеит апроцесс ашьшьыҳәа, ццакрада имҩаԥысуеит ҳәа. Ихадоу хырхарҭаны иара иаликааит ааглыхратә кооперациеи, аенергетикеи ақыҭанхамҩеи рҿы аусеицуреи.
Урыстәылатәи аекономика иалшоит асанкциатә аахақәа рычҳара иҳәеит Путин
"Ҳшьаҿақәа зегь ҳрызхәыцуеит ҩнуҵҟала ҳаӷәӷәахарцаз, ҳполитикатә система ҳарӷәӷәарцаз, урҭ рыҿиараз аҭагылазаашьақәа аԥҵахарцаз", - иҳәеит ахада.
Ахадацәа адәныҟатә шәарҭарақәагьы ирылацәажәеит. Лукашенко иҳәеит Минск агәҽанызаара шамоу Аидгылатә ҳәынҭқарра аҳәаақәа ирцәыхарамкәа НАТО ахымҩаԥгашьа.
"Иҟоуп иџьоушьақәаша Украина. Аха уи шәареи ҳареи иаҳԥырхагам. Ишаабо ала аполитикцәа ирылшо ҟарҵоит Украина аиҟәшаразы", - иҳәеит иара.
Урыстәылеи Белоруссиеи рхадацәа Владимир Путини Александр Лукашенкои Шәача реиԥылара аофициалтә хәҭа мҩаԥысуан ԥшь-сааҭки 50 минуҭи.