Аԥсны

Лаша Ашәба Аахыҵ Уаԥстәыла ахада дидныҳәалеит

Алан Гаглоев Аахыҵ Уаԥстәыла ахадас далхын лаҵара 8 рзы 56% бжьы иманы. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иҭоубашьҭаҵара иазку аусмҩаԥгатә мҩаԥысит лаҵара 24 азы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 24– Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахада Лаша Ашәба Алан Гаглоев Аахыҵ Уаԥстәыла ахадас иҟалара идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит Апарламент апресс-маҵзура.

"Агәыӷра ду аасырԥшуеит аиҩызареи аусеицуреи рытрадициақәа шьаҭаны иззыҟоу ҳреспубликақәа рыуаажәларқәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы еиҳау аҿиара шроуа азы", - хәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҿы.

Ашәба Алан Гаглоев аҳәынҭқарра анапхгараҿ изеиӷьеишьеит аманшәалареи ақәҿиарақәеи.
Алан Гаглоев Аахыҵ Уаԥстәыла ахадас далхын лаҵара 8 рзы . Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иҭоубашьҭаҵара иазку аусмҩаԥгатә мҩаԥысит лаҵара 24 азы. Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба напхгара зиҭо Аԥснытәи аделегациа Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иҭоубашьҭаҵара иазку аусмҩаԥгатә иалахәуп.
Аԥсны
Аԥснытәи аделегациа Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иҭоубашьҭаҵара иалахәуп
Ҿыц иалху Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев аофициалла имаҵзура дахагылоит лаҵара 25 инаркны. Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рыҟны Гаглоев 56,09% атәыла ауааԥсыра рыбжьы ирҭеит, усҟантәи аамҭазы ареспублика ахадас иҟаз Анатоли Бибилов (40,9%) иаԥигеит.