Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҷанба Гәылрыԥшь ажьирҭа аусура иазкны

Гәылрыԥшь араион аҟны иҟоу ажьирҭа аԥшәма Баҭал Ҷанба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит русура шеиҿкаау, ауаа иаҳа изыдҵаало амаҭәахәқәа ртәы.
Sputnik
Ажьирҭа аус ауеижьҭеи хәышықәса ҵуеит. Еиҳарак ауаа зыдҵаало абаркьылқәа, ашәқәа, агәашәқәа роуп иҳәеит Ҷанба. Убасгьы ауаа аихақәа, ажьаҳәақәа, архнышьна анҿарҵо ыҟоуп.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.