Аԥсны

Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь адепутатраз акандидатцәа ҭарҩит

Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь (аокруг №14) аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит рашәара 12 рзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik. Енвер Чамагәуеи Аслан Џьопуеи Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь адепутатраз акандидатцәа ҳәа ашәҟәы иҭарҩит. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара.

Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь (алхратә ҭыԥ хада №14 аҿы) аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит рашәара 12 рзы.

Аԥшьгаратә гәыԥқәа рҭаҩра хыркәшахеит лаҵара 22 рзы. Лаҵара 23 инаркны рашәара 1-нӡа адепутатрахь акандидатцәа ҭарыҩлоит.
Аиҭалхрақәа мҩаԥгоуп Нарсоу Салаҟаиа Жәлар Реизарахь депутатс дахьалырхыз азы.