Аԥсны

Аԥсны Атәылахьчара аминистр аусуратә еилацәажәарақәа рзы Шьамтәылаҟа днеит

Владимир Ануа Атәылахьчара аминистрс дҟаҵан рашәара 2020 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik. Аԥсны Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа аусуратә еилацәажәарақәа рзы Шьамтәылатәи Арабтә республикахь днеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аусуратә еилацәажәарақәа рҳәаақәа иҭагӡаны иазгәаҭоуп Ануеи Шьамтәылатәи атәылахьчара аминистри реиԥылара, иалацәажәараны иҟоуп атәылахьчара ахырхарҭала аҩтәылак русеицура.
Владимир Ануа Атәылахьчара аминистрс дҟаҵазарц Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа аусԥҟа инапы аҵеиҩит рашәара 1 2020 шықәсазы.