Лаҵарамза 25 рзы аԥсуа актиор ду Леуарса Касланӡиа диижьҭеи 110 шықәса аҵра аҳаҭыразы Аҟәа дахьынхоз аҩны аҭӡаҟны иаартын ихьӡ анаунагӡатәра иазку агәаларшәагатә ҭӡы. Аԥсуа театр акорифеи ҳмилаҭтә культура арҿиараҿы илагала дууп. Инаигӡахьаз арольқәеи иааирԥшхьаз ахаҿсахьақәеи рыла ахәаԥшцәа иршанхон. Леуарса Шьардын-иԥа аԥсуа культура аҿиара уи жәларбжьаратәи апроцессқәа ирылахәны аҟалара илагала шаҟа ирацәоу атәы инҭкааны ирзымдыруазар алшоит иахьа аҿарацәа ҳәа азгәалҭеит арадио аҟны лцәажәараан аҟазараҭҵааҩы Светлана Қорсаииаԥҳа.
"Леуарса Касланӡиа дазусҭадаз ҳәа иахьа уанҵаауа, исҳәар ауеит ахааназ имыӡуа, инаунагӡоу ахра, абас еиԥш ауп ишыҟоу ихаҿсахьа. Леуарса Касланӡиа убас еиԥш иҟаз актиорын, знык асценаҟны дануба нахыс уԥсы ахьынӡаҭоу хашҭшьа имаӡымызт", - лҳәеит Қорсаииаԥҳа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.