Аԥсны

Гагра араионтә еизарахь адепутат ҿыц далхуп

Аиҭалхрақәа мҩаԥгахеит ақалақьтә еизара адепутат Бадрик Ԥлиа Аԥсны Апарламент ахь депутатс дахьалху инадҳәаланы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 25 – Sputnik. Гагратәи араионтә алхратә комиссиа алхырҭатә ҭыԥ хада № 17 (Цандрыԥшь) аҿы аиҭалхрақәа рҟны аиааира згаз дарбану шьақәнаргылеит ҳәа аанацҳауеит Гагра араион ахадара асаит.
Депутатс далхуп Едгар Быҭәба.
Алхрақәа мҩаԥысит лаҵара 21 рзы. Ауаа рнеира 47,4% шьақәнартәеит алхыҩцәа зегь рхыԥхьаӡараҟынтә. Абжьыҭара иалахәыз атәылауаа зегьы иалху адепутат изы рыбжьы рҭиит.
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рдепутатцәа ԥшьышықәса ҳәа ҿҳәарас ирыманы иалырхуеит.
"Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа" рзы Азакәан инақәыршәаны адепутат изинмчра аҿҳәара анҵәара жәымз шагу иахымгакәа Аизара адепутатра далҵзар, иҭыԥ аҿы даҽаӡә далырхуам.