АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар рартист Леуарсан Касланӡиа дахьынхоз аҩны – Воронов имҩа, №8 аҿы агәаларшәагатә ҭӡы кыдырҵеит.
Аԥсуа драматә театр адиректор Алхас Ҷолокәуа иҳәеит, амилаҭтә театр аӡбахә ануҳәо, иналукааша актиор Леуарсан Касланӡиа дугәаламшәар шалымшо.
Ҷолокәуа иажәақәа рыла, Жәлар рартист атеатр асценаҿ иҟазаара ахәаԥшыҩцәа рыбзиабара ду шацыз.
"Леуарса Касланӡиа иҭоурых аԥсуа жәлар рҭоурых иахәҭакуп, атеатртә ҟазара иахәҭакуп. Убри азы атеатртә ҟазараҿ иара иҩаӡара аҟынӡа инеиз маҷуп", - иҳәеит апоет Геннади Аламиа.
Иара иажәақәа рыла, Касланӡиа Отелло ироль аҿы дышџьашьатәыз, дшыҳаракыз.
Атеатрҭҵааҩ, алитература-мемориалтә музеи адиректор Светлана Корсаиаԥҳа илҳәеит изныкымкәа актиор ду дышиҿцәажәахьаз.
"Еснагь иџьасшьоз - аԥсҭазаарахь имаз абзиабароуп. Изанааҭ оумашәа бзиа ибон, даҽакы иаҩихуамызт. Зны иҳәеит: "Актиор арежиссура инапы аналаикуа, ма апиесақәа аниҩуа сзеилкаауам. Асценаҿ ахәмарра ада даҽак ҟасҵап ҳәа сыҟам", - еиҭалҳәоит Қорсаиаԥҳа.
Леуарса Касланӡиа диит лаҵара 25, 1912 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Аԥсуа драматә театр артист, Аԥсны жәлар рартист Леуарсан Касланӡиа ироль хадақәа иреиуоуп Шекспир и-"Отелло".