Аԥсны

Аҩада Ешыра ахатәыҩны блит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Ҩ-еихагылак иҟаз ахатәыҩны блит Аҟәа араион Аҩада Ешыра ақыҭан ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Амцарцәара иалахәын амцарцәаратә ҟәшақәа ԥшьба, дара ахҭыс ахь инеит асааҭ 13:35 рзы. Амцарцәаҩцәа аҭыԥ ахь ианнеи, ахыбра зегьы амца иамҽханакны иаман.
Аиқәырхаҩцәа ражәақәа рыла, аҩны аҭыӡқәа злыхыз иахҟьаны амца ирлас аҽеиҵнахит.
Инхоз аӡәгьы ааха имоуӡеит.