АҞӘА, лаҵара 26 – Sputnik. РУСДРАМ раԥхьаӡа акәны Керчь имҩаԥысуа антикатә ҟазара жәларбжьаратәи афестиваль "Боспортәи аиндаҭларақәа" ирылахәхоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба.
Аԥснытәи атеатр рашәара 11 рзы антикатә амфитеатр ацәынхақәа рҿы аспектакль "Електра" ықәнаргылоит.
"Раԥхьаӡа акәны ари афестиваль ҳалахәхоит. Ҵыԥхгьы анаԥхьара ҳаман. Анцәа иџьшьаны, сынтәа уахь ацара ҳалшо ҳҟалеит", - иҳәеит Хынҭәба.
Иара ҭабуп ҳәа реиҳәеит атранспорттә харџьқәа зхахьы изгаз Акультура аминистрра. Уа рыҟазаареи рныҟәгареи афестиваль аиҿкааҩцәа рхахьы иргеит.
Анаҩс "Аурыс ҳәаанырцәтә театрқәа рфестиваль" аҳәаақәа ирҭагӡаны Тамбов ақалақь аҿы РУСДРАМ акомедиа "Кьоџьаа рҭыӡшәа" ддырбараны иҟоуп. Урыстәыла Акультура аминистрра адгыларала ԥшьынтәуп атеатр ари ауснагӡатә иалахәхоижьҭеи.
Рашәарамзазы Тула имҩаԥгахоит Урыстәыла Акультура аминистрра апроект "Агастроль дуқәа". РУСДРАМ уи иалахәхоит. Актиортә труппа акомедиа "Кьоџьаа рҭыӡшәеи" "Ашьаарҵәыратә чареи" ддырбараны иҟоуп рашәара 18 - 19 рзы.
"Тулатәи академиатә театр аҿы имҩаԥгахоит ауснагӡатә. Абилеҭқәа бзианы ицоит. Абри апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны иҟан Волков итеатргьы. Тамбови Тулеи ҳаҟазаара ахарџьқәа ирыҵагылоит адкылара ҟазҵо аган", - иҳәеит иара.
РУСДРАМ адиректор хада иажәақәа рыла, аҳәаанырцәтәи агастрольқәа Аԥсны амилаҭтә театртә ҟазара астатус арӷәӷәоит, ареспублика аимиџь иацхраауеит, агуманитартәи акультуратәи еимадарақәа шьақәнаргылоит.