Аԥсны

"Абырг Хабыгә игәыжь ажәабжь": РУСДРАМ Искандер ирҿиамҭала аҽа комедиак ҳнарбоит

Аспектакль "Абырг Хабыгә игәыжь ажәабжь" Фазиль Искандер ирҿиамҭақәа ирылхуп, РУСДРАМ арежиссиортә лабораториа "Сандро" аескизқәа шьаҭас иамоуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр аҿы имҩаԥысит апресс-конференциа, аспектакль "Абырг Хабыгә игәыжь ажәабжь" аԥхьарбара иазкны.
Атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба иазгәеиҭеит атеатр аҿы есымза аԥхьарбарақәа шымҩаԥысуа, ари традицианы ишышьақәгылаз.

"Фазиль Искандер ихьӡ зху атеатр ҳаклассик ирҿиамҭақәа ирылхны аспектакль ҿыц ықәнаргылоит. 1982 шықәсазы Санкт-Петербург Аҿар ртеатр аҿы иқәыргылан ирҿиамҭа "Аҽаԥа Џьамхәыхә", аха аспектакль иаразнак иааныркылеит. Искандер ихаҭа оумашәа ибо иҳәон ипроза асценатә ҟазара аныршәара шԥазалшо ҳәа. Маркес ирҿиамҭақәа рыла аспектакльқәа рықәыргылара азин ҟаиҵомызт, Анцәа иџьшьаны Фазиль Абдул-иԥа усеиԥш имуит", - иҳәеит Хынҭәба.

Ақәыргыламҭа далацәажәо иара иазгәеиҭеит ахәаԥшҩы аспектакль цонаҵы дзырччо шибо. Ари аспектакль аҿы рҽеиларыӡҩоит Искандери аԥсуа иумори иҳәеит иара.
Аспектакль "Абырг Хабыгә игәыжь ажәабжь" Фазиль Искандер Ифонд анапхгаҩы Шьазина Агрԥҳа лгәалашәара иазкуп ҳәа иҳәеит Хынҭәба.
1 / 5

Аспектакль "Абырг Хабыгә игәыжь ажәабжь" аҟынтәи

2 / 5

Аспектакль "Абырг Хабыгә игәыжь ажәабжь" аҟынтәи

3 / 5

Аспектакль "Абырг Хабыгә игәыжь ажәабжь" аҟынтәи

4 / 5

Аспектакль "Абырг Хабыгә игәыжь ажәабжь" аҟынтәи

5 / 5

Аспектакль "Абырг Хабыгә игәыжь ажәабжь" аҟынтәи

"Сгәанала ари аусумҭа иахьатәы ахәаԥшҩы изы аҭаххара амоуп". - иҳәеит РУСДРАМ адиректор хада.
Арежиссиор-ақәыргылаҩ Антон Корнилов иҳәеит аҭакԥхықәра ду дшаҵагыло, аиҳаракгьы аспектакль автор ихьӡ атеатр иахьаху азы.
"Аспектакль шьаҭаны иамоу артистцәа роуп. Дара зегьы иааиԥмырҟьаӡакәа асценаҿ иҟоуп, аспектакль акткны имҩасуеит", - иҳәеит иара.
Арольқәа нарыгӡоит: Џьамбул Жорданиа, Кирилл Шишкин, Осман Абыхәба, Руслан Жьиба, Аманда Кәарацхьелиаԥҳа, Марина Сыҷынааԥҳа, Ирина Делԥҳа.
Аспектакль аԥхьарбара мҩаԥгахоит РУСДРАМ аҿы лаҵара 29 асааҭ 19:00 рзы.
Аԥсны
РУСДРАМ раԥхьаӡа акәны Ҟрым "Електра" ддырбоит