Аԥсны

Аԥсны атәылахьчара аминистр Дамаск шьамтәылатәи аруаа игәалаиршәеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа зхадараҿы дыҟоу Аԥснытәи аделегациа лаҵара 25 аахыс аофициалла Дамаск иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 27 – Sputnik. Аԥсны Атәылахьчара аминистр аинрал-полковник Владимир Ануа Дамаск ақалақь аҟны Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра асаит.
Агәаларшәаратә усмҩаԥгатә иалахәын аԥснытәи аделегациеи шьамтәылатәи ар аинралцәеи.
Иара убас, Аԥсны Атәылахьчара аминистр даҭааит амемориалтә комплекс азааигәара иҟоу Идырым асолдаҭ имавзолеи. Уаҟа ашәҟәы аҟны агәаларшәаратә нҵамҭа аанижьит.
Идырым асолдаҭ ибаҟа - аибашьраан иҭахаз шьамтәылатәи асолдаҭцәа ргәалашәаратә арратә Мемориалуп. Есышықәса Иргәаҟны иршьыз рымш азы Сириатәи Арабтәи ареспублика анапхгара ари аҭыԥ иаҭаауеит.
Аԥсны
Аԥсны Атәылахьчара аминистр аусуратә еилацәажәарақәа рзы Шьамтәылаҟа днеит