Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Агрба Мгәыӡырхәа ӡыла аиқәыршәара иазкны

Мгәыӡырхәа ахада Беслан Агрба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭа ӡыла аиқәыршәаразы уадаҩрас иҟаз, уи аӡбара иахьазы иахьынӡанагоу атәы.
Sputnik
Мгәыӡырхәа ақыҭа ӡыла аиқәыршәаразы азҵаара шьҭырхуан асовет ҳәынҭқарра ду ахаангьы, аха иахьа уажәраанӡа ус иӡбамкәа иҟан, иҳәеит Беслан Агрба. Иахьазы агәыӷра бзиақәа ыҟоуп ақыҭауаа зегьы ӡыла еиқәыршәахап ҳәа, аусурақәа актәи рыхәҭа нагӡоуп. Уажәазы аҩбатәи ахәҭа иаҿуп, аӡымҩангагақәа ақыҭа аҩнуҵаҟа ишьҭарҵоит, ҳәа адырра ҟаиҵеит Агрба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.