Аԥсны

АКХ Алашарбага аҳаблаҿы алхрақәа рахь ауаа рааишьа шаҟа ыҟоу рҳәеит

Алхратә ҭыԥқәа аадыртит асааҭ 08:00 рзы, аус рулоит асааҭ 20:00 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Аԥсны Апарламент ахь алхратә ҭыԥ хада №8 (Алашарбагатәи) аҟны адепутатцәа ралхрақәа рахь асааҭ 15:00 рзы 27% алхыҩцәа ааихьан, абри азы адырра ҟанаҵоит Алхратә комиссиа хада.
Зынӡа рыбжьы арҭахьан 1065-ҩык, алхрақәа шьақәгыларц азы иазхоз алхыҩцәа рхыԥхьаӡара иахысит, алхрақәа шьақәгылеит.
Кандидатцәас иқәгылоуп: Џьансыхә Адлеиба, Ҭемыр Кәакәасқьыр, Леон Гәыбаз, Наур Нарманиа, Иракли Чачхалиа.
Егьырҭ алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы имҩаԥысыз алхрақәа ирылҵшәаны иалхын 34-ҩык Жәлар Реизара адепутатцәа.
Алашарбагатәи аҭыԥ хада аҟны адагьы аиҭалхрақәа мҩаԥысит лаҵара 14 рзы алхратә ҭыԥ хада № 18 (Гәдоуҭатәи актәи ақалақьтә) аҿы. Уа депутатс далхын Леонид Лакербаиа.