Арадио

Блабба Аҟәа иқәдыргылаз афымцаԥхьаӡагақәа рзы: рылҵшәақәа даараӡа угәы ҟарҵоит

Аҟәатәи афымцеихшарҭа анџьныр хада Ҭенгиз Блабба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәоит аԥхьаӡагатә маругақәа рықәыргылара ахьынӡанеихьоу, заанаҵтәи алҵшәақәа зеиԥшроу.
Sputnik
Иахьазы афымцаԥхьаӡагатә маругақәа 2500 рҟынӡа Аҟәа ақалақь аҟны иқәыргылоуп, Ешба имҩаду аҟны адәқьан "Колос" инаркны авокзал аҟынӡа иҳәеит Блабба.
"Ҳазыԥшуп даҽа 5 нызқь цыра (афымцаԥхьаӡагатә маругақәа) Урыстәылеи Аԥсынтәылеи ирыбжьоу аиқәшаҳаҭрала, Апарламент аҟны уи аԥара азоурыжьраны иҟоуп иаарласны Урыстәылантәи аагаразы. Сгәаанагарала, сынтәа аԥхын иалагӡаны ҳахьӡоит ҿыц иҳауа амаругақәа рықәыргылара. Иқәҳаргылаз (афымцаԥхьаӡагатә маругақәа - аред.) рылҵшәақәа уҳәозар, даараӡа угәы ҟанаҵаратәы иҟоуп, хымԥада", - иҳәеит Блабба.
Иара иазгәеиҭеит афымцаԥхьаӡагақәа рықәыргылара алашара ақәыӷәӷәареи уи аныхреи акыр ишаныԥшыз, аҭагылазаашьа иаҳа ишеиӷьхаз.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.