АҞӘА, лаҵара 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла Ацәаргақәҵатә зал хадаҿы лаҵара 30 асааҭ 18:00 рзы иаатуеит Наала Аҩӡԥҳа лфотосахьақәа рцәыргақәҵа "Город С.".
"Ацәыргақәҵа - аамҭак иалагӡаны иумоу угәалаҟазаара аазырԥшуа акоуп. Ари ацәыргақәҵаҟны иҟало афотосахьақәа ҩымз-хымз ирылагӡаны иҭыхыз роуп. Уи иаанарԥшуеит сыҩнуҵҟатәи сҭагылазаашьа, сгәы иҭоу цәырнагоит. Уи иабзоураны сара ицәырзгоит исҵахьоу, еилыскаауа зегьы. Ари ацәыргақәҵала сгәы иҭыхо зегьы идсырбар сҭахуп. Иара еиҳа исахьаркыратәуп, афилософиатә хырхарҭа амоуп", - лҳәеит афотоҭыхыҩ Sputnik аинтервиу аҭо.
Аҵыхәтәантәи амзақәа ирылагӡаны Наала Аҩӡԥҳа афотоҭыхымҭақәа маҷымкәа иҟалҵеит, аха урҭ зегьы уажәы ацәыргақәҵаҿы иҟалом, урҭ рахьтә еиҳа еиӷьқәоу роуп иналго.
"Иалскааз афотосахьақәа рыбжьара аемоциа зҵоу ыҟам, иара убас ауаагьы, урҭ ирнуп аӡы, архитектуратә ритмқәа, аԥшаҳәа, аха иаҳбац аԥшаҳәа акәым. Асахьақәа рҿы иуԥылоит аԥсыӡкцәа. Зынӡа 20 фотосахьа раҟара ҟалоит", - лҳәеит Аҩӡԥҳа.
Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиа иазгәалҭахьан Наала Аҩӡԥҳа лыкәша-мыкәша иҟоу ҷыдала иашьклаԥшуа афотоҭыхыҩ шлакәу, дшыҭҵааҩу, ари апрофессиа лара лзы адунеи аилкаара, уи аҿы лара лҭыԥ закәу адырра ишазку.
"Наала лцәыргақәҵа ҿыц Аҟәа иазкуп - уи лара есымшааира лгәы азҭанаҵоит, есымша маӡак-маӡак лзаанартуеит, ҿыцрақәак лнарбоит. Ацәаргақәҵа "Город С." - афотоҭыхыҩ ҳзышьцылац акультуратә ландшафт ҽа блак ала ҳахәаԥшыртә иҟалҵоит", - лҳәеит лара.
Наала Аҩӡԥҳа лфотосахьақәа рцәыргақәҵа аатызаауеит Аҟәа Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы рашәарамза 4 рҟынӡа есыҽны асааҭ 10:00 инаркны 17:00 рҟынӡа.