Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шьанаа Гәыԥ аҿарацәа рзы ашьапылампылтә дәы иазкны

Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭа ахада Вадим Шьанаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ашьапылампылтә дәы шеиҿкаахаз рқыҭаҟны.
Sputnik
Ақыҭаҟны акрааҵуан ахәмарырҭатә дәы рымазар рҭахыижьҭеи, избанзар ашьапылампыл иазҿлымҳау аҿарацәа ыҟоуп ҳәа азгәеиҭеит Шьанаа.
"Жәлар реизара афбатәи ааԥхьара адепутат Асҭамыр Логәуа абри азҵаара ихахьы игеит. Аамҭа акыр цазаргьы, иахьынӡаздыруа, имчала еиҿкаахеит, хәыҷык иагқәоу шыҟоугьы, ахәыҷқәа хәмарыртә иҟоуп адәы. Фымцала еиқәшәаӡам, егьыс иҟаҵоуп ибзианы… Абра уанааилак, угәы еизҳауеит, аҿар еизаны ихәмаруеит еснагь", - иҳәеит Шьанаа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.