Аԥсны

Аҟәа Џьонуа имҩаду аҟны амашьынақәа рныҟәара аанкылахоит лаҵара 30 азы

Аҟәа Џьонуа, Гәлиа, Абазақәа рымҩақәа рыҟны арҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит Аԥсны Асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Аҟәа Џьонуа имҩаду аҟны амашьынақәа рныҟәара аанкылахоит ашәахьа лаҵара 30 азы ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.
Ашьыжь асааҭ 05:00 инаркны Ӡиӡариа имҩа инаркны Бубновнӡа амҩа аркызаауеит.
Аамҭалатәи амҩа аркра адҳәалоуп аиҭашьақәыргыларатә усурақәа - уаҵәы ари аҭыԥ аҟны амҩа акатран актәи аҿыгҳара ықәырҵоит.
Аҟәа ақалақь х-мҩаду хадак - Абазақәа, Гәлиа, Џьонуа рыҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит 2020 шықәсазы, аха асфальти абетони реиларҭәа ахаҭабзиара ахьыцәгьаз иахҟьаны акаҭран ҿыц ақәҵара рықәшәеит.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирхыԥхьаӡалоуп ақәаршыҩцарҭақәа рыԥсахра, амҩақәа рхыкәаршара, акаҭран ҿыц ашьҭаҵара.