Арадио

Арсалиаԥҳа еиҭалҳәеит рашәарамзазы Аҟәа еиҿкаахо ацәыргақәҵақәа ртәы

Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы мызкы аҩнуҵаҟа иазгәаҭоу ацәыргақәҵақәа, аҟазара абзиабаҩцәа ирыдгалахо апрограмма атәы еиҭалҳәеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Sputnik
Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны еиҿкаахоит х-цәыргақәҵак. Лаҵара 30 рзы афотоҭыхҩы Наала Аҩӡԥҳа хаҭалатәи лцәыргақәҵа ҟалоит. Лусумҭақәа иааизакны аҳҭнықалақь иазкхоит. Аҩбатәи ацәыргақәҵа "Аурыс сахьаҭыхыҩцәа Аԥсны" ҳәа хьӡыс измоу аус еицадырулоит Аԥсны асахьаҭыхратә галереиеи, Асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи, "Москва аҩни". Аламала ацәыргақәҵақәа рҟны иуԥымло аусумҭақәа рыла ишьақәгылазаауеит, аҭааҩцәа рзы аартрак иаҩызахоит ари ацәыргақәҵа ҳәа лҳәеит Арсалиаԥҳа. Рашәарамза анҵәамҭазы еиҿкаахоит ацәыргақәҵа "Аҟәа есымша иуцу аныҳәа" захьӡу. Аиԥш-зеиԥшу ацәыргақәҵа ҩышықәса раԥхьа имҩаԥыргахьан. Сынтәа аусумҭақәа аҿыхынҵеи аграфикеи ирыҵаркуа ракәхоит.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.