АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Аԥсны аҩбатәи ахада дыргәаладыршәеит анышә дахьамоу Џьгьарда ақыҭан ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Сергеи Багаԥшь иҳаҭгәынаҿ ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы Сергеи Шамба, аиҳабыра рлахәылацәа, адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диит хәажәкыра 4 1949 шықәсазы. Аԥсны аҩбатәи ахадас далхын 2004 шықәсазы атәылаҿы ауаажәларра-политикатә еибырххарақәа раамҭазы. Усҟан иара илшеит аҭагылазаашьа аҭышәнартәалара.
Сергеи Багаԥшь ихьӡ адҳәалоуп Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара аиура.
Сергеи Багаԥшь идунеи иԥсахит 62 шықәса дшырҭагылаз лаҵара 29 2011 шықәсазы. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Џьгьарда.