Алогопед Қацәԥҳа иазгәалҭеит ҳаамҭазы иаҳагьы ишубарҭоу ахәыҷқәа ражәаҳәашьа ашьҭыбжьқәа шхәанчоу, еиҳаракгьы аԥсуа хәыҷқәа.
"Ахәыҷы иажәаҳәа иаразнак ицқьахаӡом, аха хԥа-ԥшьба шықәса анихыҵ нахыс, ииҳәо ашьҭыбжьқәа ирыцклаԥштәуп. Убасҟан ииҳәо иашаны иахьынӡаиҳәо уазааҭымгылар, иҟалоит ахәыҷы аԥынгылақәа изцәырҵыр. Агха аҭаны аҩреи аԥхьареи далагоит. Алогопедцәа ҳзы ихадоу ахәыҷы ихәанчаны ииҳәо иажәаҳәа ианаамҭоу иалкааны, игәаҭаны аус идулара ауп", - лҳәеит Қацәԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.