Аԥсны

Саид Гобечиа Гаиднаа рыхьӡ зху жәларбжьаратәи аицлабра афинал аҟны днеит

Аицлабра аԥҵан 2018 шықәсазы акомпозиторцәа Иозефи Мехаели Гаиднаа ахьиз Австриа Рорау ақалақь аҟны.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Аԥснытәи аопертә шәаҳәаҩы Саид Гобечиа Гаиднаа рыхьӡ зху аԥшьбатәи жәларбжьаратәи аицлабра афинал аҟны днеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Акультура аминистрра апресс-маҵзура.

Аԥхьахәтә ҭыԥ агаразы Гобечиа инаҩас даҽа хә-ҩык ашәаҳәаҩ қәыԥшцәа азықәԥоит. Аицлабра вентәи аклассицизм аамҭазтәи акамертәи аопертәи музыка иазырхоуп.

Аԥхьахәтә фонд иартәоит 20 000€, иара рызшахоит аԥхьахәтә ҭыԥқәа аанызкыло.
Афинал мҩаԥысуеит лаҵара 29 рзы, аицлабра ахәшьара арҭоит аопертә агентцәеи Европа аҿартә аопрератә программақәа рнапхгаҩцәеи.
Аԥсуа оператә шәаҳәаҩы Саид Гобечиа иконцерт мҩаԥысит Вена