Аԥсны

Урыстәылатәи аестрадатә шәаҳәаҩцәа Афон ҿыц аконцерт аҟны иқәгылоит

Аԥхын аԥсшьара аамҭа алагамҭаз итрадициахеит Афон Ҿыц ақалақь аҟны аконцерт амҩаԥгара, иара еиҿыркаауеит ақалақь анапхгара аҭыԥантәи анаплакҩцәа рыдгыларала.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Урыстәылатәи амузыкатә гәыԥқәа "На-На", "Стрелки", "Комбинация", "Божья коровка", Зара ықәгылоит Афон имҩаԥгахо аныҳәатә концерт аҟны лаҵара 31 рзы, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аҟны иҳәеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы Афонҿыцтәи аҟәша анапхгаҩы Михаил Ҵкәуа.
Иара иазгәеиҭеит, Афон Ҿыц традициала аԥхынтәи аԥсшьара аамҭа алагамҭаз аныҳәатә концерт шымҩаԥыргоз, аха асцәҟьа инарҭбааны уажәада ишазгәарымҭац.
"Ииашоуп, ҳара есышықәаса ари аҩыза аныҳәа мҩаԥаагон, аха сынтәеиԥш мҽхакы ҭбаала жәларбжьаратәи амчхара аҭаны - раԥхьаӡа ауп", - иҳәеит Цкәуа. Иара убасгьы иазгәеиҭеит, ас еиԥш аныҳәатә программа амҩаԥгараз ақалақь ахадара ацхыраара шрырҭаз аҭыԥантәи анаплакыҩцәа.
Аконцерт аҟны ахәаԥшцәа дыргәырӷьоит аҭыԥантәи аестрадатә шәаҳәаҩцәеи, авокалтәи акәашаратәи ансамбльқәагьы.
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысит Ковач ихьӡ зху амузыкатә школ ацхыраараз аконцерт
Цкәуа игәаанагарала, ас еиԥш аконцертә программа аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш асасцәагьы аднаԥхьалоит. Убри аан иахьатәи аҿар издыруа маҷуп 90-тәи ашықәсқәа раантәи аестрадатә шәаҳәаҩцәа, аиҳабыратәи абиԥара урҭ ргәалашәоит рҟазарагь бзианы ирдыруеит иҳәеит иара.