Аԥсны

Аԥсни Шьамтәылеи арра аусхк аҟны аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Аԥсны Атәылахьчара аминистр зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа усутә ныҟәарыла Шьамтәыла иҟоуп лаҵара 25 раахыс.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 30 – Sputnik. Аҟәеи Дамаски арратә усхк аҟны аус еицырулоит. Убри азы аҩтәылак ртәылахьчаратә усбарҭақәа рыбжьара Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит аминистрцәа Владимир Ануеи Али Махмуд Аббаси.
Ашәҟәы анапы аҵеиҩын лаҵара 29 азы Аԥсны Атәылахьчара аминистр аинрал-полковник Владимир Ануа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа усутә ныҟәарыла Шьамтәыла рыҟазаараан.
Шьамтәыла Атәылахьчара аминистр аинрал-леитенант Али Махмуд Аббас иштаб-квартираҿ аԥснытәи иколлега дидикылеит. Ирылацәажәеит аҩтәылак рыбжьара арра аусхк аҟны аусеицураз азҵаарақәа.
Инаҵшьны иазгәаҭан шьамтәылатәи ар атәылаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы лшамҭақәас иамоу.

"Шьамтәылеи Аԥсни рхадацәа Башар Асади Аслан Бжьаниеи аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырҭбааразы, ҷыдала арра аусхк аҟны, уаанӡатәи реилацәажәара ҵаҵӷәыс иҟаҵаны ҳарратә усбарҭақәа рыбжьара Аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩит. Сгәы иаанагоит ари ашәҟәы ҳарратә еизыҟазаашьа арӷәӷәара шьаҭаны иазыҟалоит ҳәа" - иҳәеит Владимир Ануа.

Аԥснытәи аделегациа ахада шьамтәылатәи аган аԥхарра зҵаз адкылара иҟарҵаз азы ҭабуп ҳәа ахиҳәааит.
Аԥсны
Аԥсны атәылахьчара аминистр Дамаск шьамтәылатәи аруаа игәалаиршәеит