Арадио

Ақыҭа-нхарҭа ҭыԥуп: Кәыҵниаԥҳа Аҭара анхаҩы ибзазашьа иазкны

Изеиԥшроузеи иахьа ақыҭа аԥсҭазаара, ахныҟәгаразы лшарас иҟоу, иарбан уадаҩрақәоу анхацәа ирԥыло атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҭара инхо, асыӡбал ҭзыжьуа Камилла Кәыҵниаԥҳа.
Sputnik
Аҭара инхо аԥҳәызба еиҭалҳәеит лнаплакы аусуреи, араионтә еизараҟны депутатс лыҟазаареи, Ахәахәҭра- ааглыхратә палатаҟны анаплакыҩ ҿарацәа рассоциациа напхгара аҭареи шеилалыгӡо, ақыҭа иаҳа лыҽзадылкылаз, лхықәкы хада атәы.
Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи, уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.