Арадио

Багаҭелиа Риҵа аҿазыҟаҵаратә усурақәа рзы: ҳахьагхаз ыҟоуп, аха ҳаихьибагӡоит

Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра аиҳабы Адамыр Багаҭелиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит иахьазы имҩаԥырго аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшара аназгәарҭо, аԥсшьаҩцәа иманшәаланы рыдкылара иахьынӡазхиоу атәы.
Sputnik
Риҵатәи ареликттә амилаҭтә парк аҟны иаҳхысыз амчыбжьазы реиҳа иԥхасҭоу амҩа ахәҭақәа рҟны акаҭранақәҵара хацыркын. Уи инаҷыданы апарк аԥшра аиӷьтәразы аусурақәа ирҿуп.
"Асасцәагьы рацәаҩуп, аусқәагьы рацәоуп, аха ҳаихьибагӡоит. Сынтәа ишдыру еиԥш, ааԥын даара ихьшәашәаран. Убри иахҟьаны анхамҩатә усурақәа ҳахьрыгхаз ыҟоуп, аха ҳамчқәа зегьы еибыҭаны ариашара ҳаҿуп, уажәшьҭа ахыркәшарахь ҳнеит", - иҳәеит Багаҭелиа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.