Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Донецк алахысраан хәҩык аҭынч уааԥсыра ҭахеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Украинантәи Донецк ианалахысуаз хәҩык аҭынч уааԥысыра ҭахеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿ дыҟан ихбыџыз аӡәы, иара убас 16-ҩык ахәрақәа роуит, абри атәы аанацҳауеит ДЖәР адгьылҵакырахьчара аштаб.
Еилкаау адыррақәа рыла, Донецк ааха роуит 21-ы: хәҩык ҭахеит 16-ҩык ахәрақәа роуит. Иҭахаз рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп 2009 шықәса рзы ииз хбыџк", - ҳәа аҳәоит аусбарҭа Telegram-канал аҿы.
Ақалақь иалахысуан ашәахьа асааҭ 11:00 азы, аахақәа роуит ҩ-школки агимназиеи рхыбрақәа.