Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ДЖәР Агәабзиарахьчара аминистрраҿ ирҳәеит Донецктәи ашкол ианеихс ашьҭахь заҟаҩы ҭахаз

Лаҵара 30 асааҭ 11.00 рзы Донецк ақалақь агәы иалахысыит, ааха роуит ашколқәа хԥа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Донецк ақалақь Ворошиловски Буденовски рраионқәа рҿы ианалахыс ашьҭахь ааха роуит 18-ҩык, иҭахеит хҩык ҳәа аанацҳауеит ДЖәР Агәабзиарахьчара аминистрра Telegram-канал аҿы.

"Иҟоу адыррақәа рыла лаҵара 30 асааҭ 13:24 рзы Донецк ақалақь Ворошиловскии Буденовскии араионқәа ралахысраан ааха зоуз 18-ҩык (16-ҩык адуцәа, ҩыџьа ахәыҷқәа) ыҟоуп, иҭахеит хҩык, урҭ рҟынтәи аӡәы дхәыҷуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла хәҩык ҭахеит 16-ҩык ааха роуит ҳәа ҳәан.
Зынӡа ДЖәР аҿы аимак ахы ыҵнахижьҭеи 117-ҩык ҭахахьеит. Урҭ рҟынтәи 35-ҩык 2022 шықәса жәабранмза аахыс.