Аԥсны

Адепутат Аԥсны аинвесторцәа рылшарақәеи рҽызцәырыхьчашеи ртәы далацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 31 - Sputnik. Аинвесторцәа рахь Аԥсны ахьарԥшразы иахәҭоуп ауснагӡатәқәа жәпакы рынагӡара ҳәа иҳәеит Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгыла аусқәеи, евразиатәи аинтеграциеи, аџьынџьуаа рымадара аусқәеи рзы Аҳәынҭқарратә Дума аилак аилатәара аихшьаалақәа аҭо, Аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Константин Затулин.
Аԥснытәи афорум аҿы дықәгыло, иара иҳәеит ишазхәыцтәу адгьыл ахатәтәра, амазара ахатәтәра, аԥаралагалара ахәдықәҵара ирыдҳәалоу азҵаарақәа.
"Сара ибзианы еилыскаауеит аԥсуаа жәытәнатә аахыс ирымоу ашәара – шьыжьымшк азы ҳааԥшыр Аԥсны зегьы аӡәы итәхар ҟалоит, 150 миллионҩык урыстәылаа ҳзаауеит ҳәа. Мап. 150 миллионҩык урыстәылаа Аԥсныҟа инеиӡом. Инеиуа Аԥсны бзиа избо роуп. Урҭ уа иҟарҵо ззынхогьы Аԥсноуп. Аԥснынтә асанаториақәа, асасааирҭақәа, аресторанқәа аӡәгьы иқәган изгаӡом. Абри заҟа иласны еилаҳкаауа аҟара зегь маншәалахоит", - иҳәеит апарламентари.
Аԥсны адепутатцәеи аиҳабыреи ирыдыркылар ауп аинвесторцәа рзы алшара ҟазҵо, изыхьчо ауснагӡатәқәа. Насоуп ареспублика аҿиара анаиуа ҳәа иԥхьаӡоит Затулин.
Аԥсны
Затулин ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсни Урыстәыла рҳаиртә еимадара аартра дырццакырц