Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа рыламҭалазы ареспубликаҿы активла иалацәажәон Урыстәылатәи Афедерациа алаларазы аӡбамҭа. Ареферендум Аахыҵ Уаԥстәыла амҩаԥгара ҵакыдоуп ҳәа азиԥхьаӡоит аполитолог Виачеслав Гобозов, уи акгьы аанагаӡом, избанзар иҟоуп 1992 шықәсазтәи ареферендум алҵшәақәа. Убри аан аполитолог иазгәеиҭоит, ишхадоу егьи агангьы агәаанагара аилкаара. Арефендум аԥхьаҟатәи аԥеиԥш, Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла адлара азҵаара иахьазы изалыршахо атәы дрылацәажәеит аполитолог Беслан Ҳагба.
"Ареферендум ҳаналацәажәо, иаҳҳәароуп иара шаԥшьгаз аҩнуҵҟаполитикатә хҭысқәа ирыхҟьаны, атәыла ахада иалхрақәа ирыдҳәаланы. Аекспертцәа шахәаԥшуа ала, ареферендум амҩаԥгара Урыстәыла ақәшаҳаҭны иалацәажәартә азҵаара ыҟаӡамызт. Иара азҵаарагьы ықәгыло иалагеит амҩаԥгара аҭаху иаҭахыму ҳәа. Аахыҵ Уаԥстәыла уи иадгылоит, аха алҵшәа рыдыркылома Урыстәылатәи Афедерациаҟны, абри ауп зҵаарас иқәгылоу. Иахьа ахҭысқәа шымҩаԥысуа, Украина иҟоу, Урыстәыла изланагалаз аус дуӡӡақәа - иазыхынҳәуама Аахыҵ Уаԥстәыла адлара. Иара азҵаара шықәыргылоугьы ргәаԥхаӡом, Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи еидгыланы ҳәынҭқарракны аҟаҵара ҳәа. Ус иарбаӡам Урыстәыла аконституциаҟны, уа иарбоуп, иаҭаххозар, Урыстәыла иатәым даҽа субиектк рыдыркылар ҟалоит ҳәа", - иҳәеит Ҳагба.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.