Аԥсны

Аԥсны АҶА амшынҳәақәа 10 Аҟәа аҟәара ааигәара акаҭақәа ирҭыргеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 31 - Sputnik. Аԥсны АҶА иатәу Зышәагаа маҷу аӷбақәа ринспекциа аусзуҩцәа амшынҳәақәа 10 Аҟәа аҟәара ааигәара акаҭақәа ирҭыргеит амчыбжь аҩнуҵҟа.
Амшынҳәа хәыҷқәа хәба реиқәырхара залымшеит. Урҭ аӡаҿы иԥсхьан. Аҟазауаа ишырҳәо ала, амшынԥстәқәа акаҭақәа ианырҭашәа, аҵәыҵәри рзымхазт, ихәаҽит.
Ашәарҭара иҭашәаз амшынҳәақәа збо Аҟәа ауааԥсыреи асасцәеи аиқәырхаҩцәа рахь аҭел иасуеит.
Амшынҳәақәа хыԥхьаӡара рацәала рҭахара мшаԥымзаахыс иазгәарҭоит Аԥсни Шәачеи иахьрыҵаркуа. Аҵарауаа ргәаанагарала, уи амзызқәа иреиуоуп авирус чымазара морбилливирус, иара убас аԥсыӡкыга каҭақәа иахьырҭашәо.