Акультура-усуратә платформа "Гәыма" русмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа дырҭбаауеит. Аҵыхәтәантәи ақыҭанхамҩатә џьармыкьагьы еснагь еиԥш азҿлымаҳара ду аман. Уажәаԥхьа еиҿыркаахьаз излареиԥшми, уи иадыԥхьалаз анаплакыҩцәа рхыԥхьаӡара абанӡанаӡоз, алахәылацәа рзы ари аԥышәа иацу ахәарҭареи, аџьармыкьаҟны ироуа ахашәалеи ирылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
"Уажәы имҩаԥаагоз иаартыз аџьармыкьаҿы иҟаз афермерцәеи аҩы ҟазҵои роуп. Дара жәохәҩык ыҟан, аҭааҩцәа шаҟаҩы неиз ҳаздыруам, аха ашә шә-кьылак инареиҳаны ирҭиит. Аахәаҩцәа ақыҭантәи иаарго аалыҵ ргәаԥхоит. Ҳара Аԥсны жәытә-натә аахыс ашә хаҳхуеит, аха аҩны иаҳдыруа ашәхеи ашәаӡеи роуп. Адунеи аҿы, иаагозар, Италиа хыԥхьаӡара рацәала ашәхкқәа ҟарҵоит. Уи алҵшәа даара ибзиоуп, атуристцәагьы агьама рбоит, иаднаԥхьалоит. Ҳара абри ӡырҳгар ҳҭахуп, аԥсуаа еиуеиԥшым ашә хкқәа ҟарҵаларц, ашәха, ашәырҩа хкы-хкыла, ахәсхәа аҭаны, ирҩаны, ирацәаӡоуп ахкқәа. Иара уажәы уадаҩрас иҳауа ашә ахыхра, аилаҵара акультура ҳцәыӡуа ҳалагеит, избанзар аиҳараҩык ҳнеины иааҳхәоит", - лҳәеит Ҭыжәԥҳа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.