"Газпром" нидерландиатәи аилахәыра GasTerra агаз азынашьҭра иаҟәыҵит

Мшаԥымза анҵәамҭаз "Газпром" Болгариеи Польшеи агаз рзынашьҭра иаҟәыҵит ахәԥса мааҭла иахьырымшәо азы. Иара убри азоуп Финлиандиаҟагьы анашьҭра изаҟәыҵыз.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 31 – Sputnik. "Газпром" нидерландиатәи аилахәыра GasTerra агаз азынашьҭра иаҟәыҵит ахәԥса мааҭла иахьырымшәо азы ҳәа аҩуеит урыстәылатәи аилахәыра Telegram-канал аҿы.
"Газпром" аилахәыра GasTerra B.V. (Нидерландқәа) агаз азынашьҭра иаҟәыҵит мааҭла ахә ахьамшәо азы", - аҳәоит адырраҭараҿы.
"Газпром экспорт" мшаԥымзазы нидерландиатәи аилахәыра иазынанашьҭыз агаз ахә амоуит Урыстәыла ахада идҵа №172 (31.03. 2022ш.) аҟазшьала.
Мшаԥы 1 инаркны урыстәылатәи агаз, иаҩызам атәылақәа рзынашьҭраан ахә мааҭла иршәалазарц ишьақәыргылоуп. Асхема ҿыц мап ацәкра Урыстәыла аилаӡарала ахыдҵақәа рынамыгӡара акәны иахәаԥшуеит.
Уаанӡа агаз анашьҭра аанкылан Польша, Болгариа, Финлиандиа рахь.
"Газпром" еилаӡарала Украина иалганы Евроеидгылаҟа агаз нанашьҭуеит иҳәеит Куприианов