Аԥсны

Симониан АҬ "Ԥсоу" алшарақәа арҭбаара аԥара рацәа ақәхарџьра аԥсам ҳәа лыԥхьаӡоит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 31 - Sputnik. МИА "Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониан Аԥсны атуристцәа радԥхьалара азҵаара далацәажәо, илҳәеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аушьҭратә лшара аԥара рацәа ақәхарџьра иаԥсам ҳәа.

"Аԥсны аԥшӡарақәа рбаразы ҳажәлар цоит, ҽакы иеиԥшым аԥшшәы змоу амшын иҭаларц рҭахуп. Уи аԥшшәы Адлертәи амшын аԥшшәыҵәҟьагь иеиԥшым. Исыздырам, ус аԥсабара анцәа иаԥиҵазар акәхап. Исзеилкаауам, ауаа сааҭла аҳәааҿ игылазар закәу", - лҳәеит лара.

Ажурналист илҳәеит аԥснытәи аган, кавказаа ишырҟазшьоу аиԥш, рых пату ақәҵаны, имырџьбаракәа ишҵаауа – абасеиԥш аҳәаа ахысра зыруадаҩтәузеи ҳәа. Лара лгәаанагарала, атәылақәа рыбжьара зынӡагьы аушьҭра-хылаԥшратә ҭыԥ аҭахӡам. Уи иақәхарџьзарц ирҭаху аԥарақәа аҳаиртә баӷәаза иазырхазар еиӷьуп.
Уаанӡа Аҳәынҭдума адепутат Константин Затулин Афорум аҿы иқәгылараан иҳәеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара авиаеимадара аартразы аамҭа мгазарц.
Аԥсны
Затулин ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсни Урыстәыла рҳаиртә еимадара аартра дырццакырц