Аԥсны

Ахәыҷра аныҳәа: Аҟәа Рашәара акы шымҩаԥысыз

Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш азы Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысит еиуеиԥшым арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа.
Sputnik
Ахәыҷқәа рыхьчара амш Аҟәа иалагеит аԥкьаҭымпыл азы аицлабрақәа рыла. Урҭ ирылахәын 60-ҩык аспортсменцәа хәыҷқәа. Иара убас Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы аиԥхныҩларагьы мҩаԥган.
Анаҩс аҳҭнықалақь анхацәеи асасцәеи акультура-усуратә ҭыԥ "Гәыма" иаҭааит, уа имҩаԥысит аробототехника, ахыци ахәымпали рыла ахысра, аинженериа уҳәа ирызыз аҟазаратә-классқәа. Уи адагьы Аҳәынҭқарратә филармониаҿы ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭақәа злахәыз аконцерт мҩаԥган.
Ахәылбыҽха ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи алшара рыман фри-акартош "А-Бургер" аҿы иаахәаны акциа "Иқьиоу акартош", иара убас Аԥсуа драмтеатр аԥхьа еиҿкааз аспорттә усмҩаԥгатә "Ахәыҷтәы хәмаррақәа" рыҽрылархәра.
1 / 11

Ахәыҷқәа рыхьчара амш Аҟәа иалагеит аԥкьаҭымпыл азы аицлабрақәа рыла.

2 / 11

Аицлабрақәа аадыртит ачирлидинг икәашо аколлектив "Cheerio".

3 / 11

Аицлабра иалахәын 13 шықәса рҟынӡа зхыҵуа 60-ҩык аспортсменцәа хәыҷқәа.

4 / 11

Аԥшаҳәаҿы ахәыҷқәа аԥштәы рацәа змоу амелқәа рзыршон.

5 / 11

Дара амҩаҿы илахҿыхыз асахьақәа ҭырхуан.

6 / 11

Аспорт еиҳа бзиа избо аиԥхныҩралара рҽаладырхәыр рылшон.

7 / 11

Аныҳәазы ахәыҷқәа ҷыдала рҽырԥшӡаны рҽеиларҳәеит.

8 / 11

Дара Адрамтеатр аԥхьа икәашон, ишәаҳәон.

9 / 11

Ажәҩан ахь ампышҭақәа халарҵон.

10 / 11

"Гәыма" аҿы ахәыҷқәа еиуеиԥшым аҟазаратә-классқәа рыҽрыладырхәит -

11 / 11

аробототехника, аинженериа, имҩаԥыргеит алабораториатә ԥышәарақәа, иҿыцу ак рбеит ираҳаит.