https://sputnik-abkhazia.info/20220601/1039349129.html
Ахәыҷра аныҳәа: Аҟәа Рашәара акы шымҩаԥысыз
Ахәыҷра аныҳәа: Аҟәа Рашәара акы шымҩаԥысыз
Sputnik Аҧсны
Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш азы Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысит еиуеиԥшым арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа. 01.06.2022, Sputnik Аҧсны
2022-06-01T22:30+0300
2022-06-01T22:30+0300
2022-06-01T23:01+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/01/1039349155_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_500523edb41a3d85aec9a3543dd07571.jpg
Ахәыҷқәа рыхьчара амш Аҟәа иалагеит аԥкьаҭымпыл азы аицлабрақәа рыла. Урҭ ирылахәын 60-ҩык аспортсменцәа хәыҷқәа. Иара убас Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы аиԥхныҩларагьы мҩаԥган.Анаҩс аҳҭнықалақь анхацәеи асасцәеи акультура-усуратә ҭыԥ "Гәыма" иаҭааит, уа имҩаԥысит аробототехника, ахыци ахәымпали рыла ахысра, аинженериа уҳәа ирызыз аҟазаратә-классқәа. Уи адагьы Аҳәынҭқарратә филармониаҿы ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭақәа злахәыз аконцерт мҩаԥган.Ахәылбыҽха ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи алшара рыман фри-акартош "А-Бургер" аҿы иаахәаны акциа "Иқьиоу акартош", иара убас Аԥсуа драмтеатр аԥхьа еиҿкааз аспорттә усмҩаԥгатә "Ахәыҷтәы хәмаррақәа" рыҽрылархәра.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/01/1039349155_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_89d17e74e7afe2a40e6214480ad6e10d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа
Ахәыҷра аныҳәа: Аҟәа Рашәара акы шымҩаԥысыз
22:30 01.06.2022 (ирҿыцуп: 23:01 01.06.2022) Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш азы Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысит еиуеиԥшым арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа.
Ахәыҷқәа рыхьчара амш Аҟәа иалагеит аԥкьаҭымпыл азы аицлабрақәа рыла. Урҭ ирылахәын 60-ҩык аспортсменцәа хәыҷқәа. Иара убас Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы аиԥхныҩларагьы мҩаԥган.
Анаҩс аҳҭнықалақь анхацәеи асасцәеи акультура-усуратә ҭыԥ "Гәыма" иаҭааит, уа имҩаԥысит аробототехника, ахыци ахәымпали рыла ахысра, аинженериа уҳәа ирызыз аҟазаратә-классқәа. Уи адагьы Аҳәынҭқарратә филармониаҿы ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭақәа злахәыз аконцерт мҩаԥган.
Ахәылбыҽха ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи алшара рыман фри-акартош "А-Бургер" аҿы иаахәаны акциа "Иқьиоу акартош", иара убас Аԥсуа драмтеатр аԥхьа еиҿкааз аспорттә усмҩаԥгатә "Ахәыҷтәы хәмаррақәа" рыҽрылархәра.

Ахәыҷқәа рыхьчара амш Аҟәа иалагеит аԥкьаҭымпыл азы аицлабрақәа рыла.

Аицлабрақәа аадыртит ачирлидинг икәашо аколлектив "Cheerio".

Аицлабра иалахәын 13 шықәса рҟынӡа зхыҵуа 60-ҩык аспортсменцәа хәыҷқәа.

Аԥшаҳәаҿы ахәыҷқәа аԥштәы рацәа змоу амелқәа рзыршон.

Дара амҩаҿы илахҿыхыз асахьақәа ҭырхуан.

Аспорт еиҳа бзиа избо аиԥхныҩралара рҽаладырхәыр рылшон.

Аныҳәазы ахәыҷқәа ҷыдала рҽырԥшӡаны рҽеиларҳәеит.

Дара Адрамтеатр аԥхьа икәашон, ишәаҳәон.

Ажәҩан ахь ампышҭақәа халарҵон.

"Гәыма" аҿы ахәыҷқәа еиуеиԥшым аҟазаратә-классқәа рыҽрыладырхәит -

аробототехника, аинженериа, имҩаԥыргеит алабораториатә ԥышәарақәа, иҿыцу ак рбеит ираҳаит.