Аԥсны

Аҟәа машьынала амилициаа ирышьклахысуан ҳәа зус ҭырҵаауаз акгьы рхарам ҳәа ирыӡбеит

Хәажәкыра 16 асааҭ 02:00 рзеиԥш амилициа аусзуҩцәа рҽазыршәеит иццакцәаны ицоз, аҳәынҭқарратә дыргақәа ззықәгыламыз автомашьына Toyota Noah аанкылара.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 1 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум лаҵара 20 рзы аӡбамҭа аднакылеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Мизан Зыхәба, Аслан Зыхәба, Аинар Зыхәба, Гарри Аҩӡба ахара рыдым ҳәа уаанӡа иаднакылахьаз ариашаратә зыӡба аанкыларазы цәыббра 3 2021 шықәса рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иаднакылаз ахашшааратә ӡбамҭа аԥыхразы.
Абри атәы аанацҳауеит апрокуратура хада асаит.
Зус рыӡбоз ирхараҵан аҟәатәи амилициа ахаҭарнакцәа рганахьала рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ашәарҭа иҭазыргыло амч ахархәара, закәаншьаҭада абџьар аҵәахреи амҩангареи, заанаҵтәи агәҭакрала амазара аԥхасҭатәреи аимҵәареи.
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум аӡбарала, 2021 шықәса рашәара 28 рызтәи ариашаратә зыӡба шыҟаз иаанрыжьит.
Абас ала, хыхь иарбоу ахаҿқәа ирыдырҵоз ацәгьоурақәа рзы ахара рыдым ҳәа иԥхьаӡоуп, ареабилитациа азин роуит. Ашьаус аматериалқәа аусҭҵааратә усбарҭахь ирхынҳәуп амашьына аӷьычра, ихысуа абџьар закәаншьаҭада измаз, иныҟәызгоз, имҩанызгоз, амчра ахаҭарнакцәа рганахьала амч зхы иазырхәоз ахаҿқәа рышьақәыргыларазы.