Аԥсны

Адепутатцәа Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа ахысра армариаразы ажәалагалақәа ирылацәажәеит

Лаҵара 25 рзы Аҳәынҭқарратә Думаҿ иалацәажәан аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәеи аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра армариареи рызҵаарақәа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 1 – Sputnik. Аԥсны Апарламент адепутатцәа Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа ахысра армариаразы ажәалагалақәа ирылацәажәеит ҳәа аанацҳауеит Апарламент апресс-маҵзура.

"Ажәалагала аус адааулеит Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара рахь аҳәара аҟаҵаразы – Ԥсоу аӡиас иху ажәытә цҳаи иарахьы анеирҭақәеи еиҭарҿыцзарц. Ари ажәалагала анагӡара иалнаршоит атранспорт хархәагақәа, аекскурсиатә автобусқәа, ашьаҟауаа реихшара. Аҳәааҿ иоурышьҭуа рхыԥхьаӡара еиҳа иацлоит", - иҳәеит адепутат Ерик Рштуни.

Иара убасгьы иҳәеит аԥснытәи аган рашәара 1 инаркны цәыббра 30 рҟынӡа аҳәаахьчаратә хылаԥшра аинспекторцәа, апаспорттә хылаԥшырҭа кабинақәа, аныҟәаратә цәаҳәақәа рхыԥхьаӡара иацҵазарц ажәалагала ҟарҵеит.
"ААҬ иҿыцӡоу ахархәагақәеи апрограмматә еиқәыршәареи, апаспорттә гәаҭара автоматизациатә системагьы налаҵаны, рыла еиҿкаазарц ҳҳәеит", - иҳәеит апарламентари.
Адепутат Алхас Барцыц иҳәеит аԥснытәи аган аԥснытәии урыстәылатәии аганқәа рхаҭарнакцәа злахәу аусутә комиссиа аԥҵазарц ажәалагала шыҟарҵаз.
Аԥсны
Симониан АҬ "Ԥсоу" алшарақәа арҭбаара аԥара рацәа ақәхарџьра аԥсам ҳәа лыԥхьаӡоит
"Асеиԥш иҟоу агәыԥ излауала ирццакны иаԥҵатәуп, урыстәылатәи ҳколлегацәа Агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ ахь рааираан рылала аҭагылазаашьа рбарц. Аусутә гәыԥ еиуеиԥшым азҵаарақәа рҭыԥ рықәҵара рнапы ианылоит", - иҳәеит иара.
Агәыԥ алахәылацәа аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра армариара иалацәажәаны, иҭҵааны, анагӡаразы иахәҭахо ауснагӡатәқәа рыдыркылоит.