Арадио

Ҳашыгԥҳа ахәыҷқәа рныҳәа Аҟәа амҩаԥысшьазы: шьыжьы инаркны хәлаанӡа иҟалоит

Аҟәа ақалақь ахадара акультуратә усбарҭа аиҳабы Наала Ҳашыгԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит иарбан уснагӡатәқәоу Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш азы иазгәаҭоу.
Sputnik
Амшын аԥшаҳәаҿы аԥкьаҭмпылтә турнир хацыркхоит ашьыжь асааҭ 09:00 рзы, иара убас еиуеиԥшым аспорттә хәмаррақәа еиҿкаахоит Аԥсуа драматә театр ааигәа иҟоу абаҳчаҟны ахәылбыҽха асааҭ 17:00 инаркны. Асааҭ 14:00 рзы Аҳәынҭқарратә филармониаҟны ақәыргыламҭа дырбахоит. Уи анаҩс асааҭ 16:00 рзы ахәыҷбаҳчақәа рымчала еиҿкаахоит аныҳәатә программа афилармониа ахыбраҟны. Аплатформа "Гәыма" аҟны асааҭ 16:00 инаркны имҩаԥысуеит арлахҿыхратә программа, асааҭ 19:00 рзы амультфильм дырбахоит.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.