Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аԥсны ауааԥсыра ахәыҷқәа рыхьчара Амш рыдиныҳәалеит

Ахәыҷқәа рыхьчара Амш аԥҵан 1949 шықәсазы, уи аахыс рашәара 1 азы амшныҳәа азгәарҭоит. Адунеи аҟны ахәыҷқәа зыниар алшо апроблемақәа рызхьарԥшра иазхоуп ари аныҳәа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 1 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны ауааԥсыра ахәыҷқәа рыхьчара Амш рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Ари аԥхынтәи амшныҳәа ссир иаҳгәаланаршәоит ахәыҷқәа зегь рҿаԥхьа иҳаду аҭакԥхықәра. Еиҵагыло абиԥара ганрацәала ацхыраареи авагылареи рыҭара - аҳәынҭқарра иаус хаданы иҟоуп", - аҳәоит адныҳәалараҿы.

Атәыла ахада ҷыдала ҭабуп ҳәа реиҳәеит ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа, иазгәеиҭеит, ахәҷырацәа рааӡара аџьабаа ду шацу, аха иара убри аамҭазы, уи зеиԥш ыҟам насыԥуп ҳәа.
Ахада Аԥсны ауааԥсыра зегьы ирзеиӷьеишьеит аманшәалара, ақәҿиарақәа, ахәыҷқәа – агәахәареи агәырӷьареи рызҭо ахҭыс ссирқәа.