Аԥсны

Аԥсны аҳазалхыҩцәа хәымз рыҩнуҵҟа миллиардк инеиҳаны ашәарақәа еизыргеит

Аԥсны Аҳазалхратә еилакы хәымзтәи аплан иацҵоуп 32%.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 1 - Sputnik. 2022 шықәса хәымз рыла аҳазатә шәарақәа 1,05 миллиард мааҭ шьақәдыргылеит ҳәа аанацҳауеит АҲЕ.

Ажьырныҳәамзаахыстәи аплан 800,9 миллион мааҭ ҳәа иазгәаҭан. 2021 шықәса иара абри аамҭа иаҿырԥшны 125,8 миллион мааҭ рыла еиҳаны еизгоуп. 2021 шықәсазы еизган 927,9 миллион мааҭ.

Лаҵарамзатәи алагалақәа 223 миллион мааҭ ыҟоуп. Уи 46,1 миллион рыла планла иарбаз аасҭа еиҳауп. 2021 шықәса лаҵарамзазы еизган 209 миллион мааҭ, уи 7,1% рыла еиҳахеит.