Аԥсны

Донбасс иҭахаз Ахра Кьыркьнаӡе иҭаацәа Ахәыҷқәа рыхьчара Амш рыдиныҳәалеит Алхас Кәыҵниа

Кәтол ақыҭан инхоз Ахра Кьыркьнаӡе Донбасс дҭахеит хәажәкыра 31 рзы, 36 шықәса дшырҭагылаз.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 1 - Sputnik. Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа Аслан Бжьаниа ихьӡала Донбасс хатәгәаԥхарала еибашьра ицаз, хәажәкыра 31 рзы уа иҭахаз Ахра Кьыркьнаӡе иҭаацәа Ахәыҷқәа рыхьчара Амш рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Ахра Кьыркьнаӡе хәҩык ахшара иҭынхеит, иреиҵыбӡоу шықәсыкгьы ихыҵуам.

Алхас Кәыҵниа иҳәеит Ахра дышфырхаҵоу, иԥсадгьыл дшапатриоту, ихымҩаԥгашьа шҿырԥшыгоу.
Кәыҵниа аныҳәа аҽны ахәыҷқәа ҳамҭас ирызнеигеит аплазматә телевизори PlayStation 4 дискк ацҵани.
Аԥсны
Бжьаниеи Анқәаби Донбасс иҭахаз аибашьҩы иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылеит