Аԥсны

Зегьы иреиӷьу ахәыҷра: "Гәыма" аҿы Ахәыҷқәа рыхьчара амш шазгәарҭаз

Sputnik
Рашәара 1 азы адунеи аҟны иазгәарҭоит Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш. Аҟәа ахи-аҵыхәеи ари аныҳәа аҳаҭыр азы еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаан. Урҭ иреиуоуп акультура-усуратә ҭыԥ "Гәыма" аҿы ахәыҷқәа ирыдгалаз арлахҿыхратә программа. Апрограмма иалан ахәыҷқәа злахәыз аконцерт, асахьақәа рцәыргақәҵа, ахыци ахәымпали рыла ахысра, аробототехникцәа рықәгыларақәа уҳәа егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа.
Шәахәаԥш аплатформаҟынтә Sputnik авидеонҵамҭа.