Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гоԥиаԥҳаи Быҭәбеи аолимпиада алахәхарала ауниверситет ишаднакылаз

Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школи латәара–латәарадатәи ашколи роушьҭымҭацәа Аманда Гоԥиаԥҳаи Дамеи Быҭәбеи еиҭарҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥгаз аолимпиада алшара шырнаҭаз иреиҳаӡоу аҵараиурҭа аҭалара.
Sputnik
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет еиҿнакааз аолимпиада "Аҳаракырақәа рахь амҩа" аҟны аиааира ргеит 58-ҩык аушьҭымҭацәа. Аолимпиада ареспублика араионқәа зегь рҟынтәи 310-ҩык ашколхәыҷкәа алахәын. Уи аҟны аԥыжәара згаз аԥхьахәқәа ранашьара мҩаԥган Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы лаҵара 31 рзы.
Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школи латәара–латәарадатәи ашколи ироушьҭымҭацәоу Аманда Гоԥиаԥҳаи Дамеи Быҭәбеи еиҭарҳәеит ауниверситет аҟны аҵаразы иалырхыз азанааҭқәа арбану, ахатәы бызшәа адырра ахьынӡахадароу дара рзы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.