Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Лавров: Ҭырқәтәыла азыхиоуп украинатәи абаӷәазақәа рҟны аминақәа рыҵхра

Урыстәыла аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь Украина абаӷәазақәа аминақәа рыҵанаҵеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 2 – Sputnik. Урыстәыла ААР ахада Сергеи Лавров иҳәеит Ҭырқәтәыла абаӷәазақәа аминақәа рыҵхраҿы ацхыраара ҟанаҵоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ердогани ҳареи ҳаицәажәараан ҳаиқәшаҳаҭхеит ҭырқәтәылатәи ҳколлегацәа украинатәи абаӷәазақәа аминақәа рыҵхраҿ ацхыраара ҟарҵоит ҳәа", - абри атәы Лавров ажурналистцәа иреиҳәеит.

Иара иҳәеит Анкара ари аус анымҩаԥгахо, Украина арратә лшара амырӷәӷәакәа, Урыстәыла аԥхасҭа анамҭакәа аусқәа шьақәнаргылароуп ҳәа.
Урыстәыла арратә операциа ҷыда иалагеит жәабран 24 рзы Украина абџьархыхрази амилаҭеилыхцәа рықәцарази. Владимир Путин аоперациа иахықәку "аашықәса рыҩнуҵҟа киевтәи арежим агеноцид иҭанаргылаз Донбасс ауааԥсыра рхақәиҭтәроуп" иҳәеит.