Ҭырқәтәыла атуристцәа рзы ПЦР-тестқәа аԥырхит

Сынтәа аԥхынразы урыстәылаа рзы Ҭырқәтәылаҟа ацаразы иаҭахны иҟало аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы ауп.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 2 – Sputnik. Ҭырқәтәыла аковид ҟалаанӡатәи аамҭахь ихынҳәит, ПЦР-тестқәа мап рыцәнакит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атуроператорцәа рассоциациа.

"Акоронавирус апандемиа аҭагылазаашьа аныҭҵааха, ахәшьара анаҭаха ашьҭахьҬырқәтәыла иалало зегь рзы 2022 шықәса рашәара 1 инаркны аԥкрақәа аԥыхуп, ПЦР-тестқәеи аекспресс-тестқәеи аԥыхуп", - ҳәа аҳәоит Ҭырқәтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра анапхгагашәҟәы аҟны.

Уаанӡагьы алаҵа змоу рзы ПЦР-тестқәа аԥырххьан, изҭахыз алаҵа змамыз ракәын.
Уажәы урыстәылаа рзы Ҭырқәтәылаҟа ацаразы иаҭахны иҟало аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы ауп.