Аԥсны

Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахада ҿыц рашәара 6 инаркны аусура далагоит

Аҟәа иҟоу Россотрудничество жәаха шықәса ҵуеит агуманитартә хырхарҭала аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа аус рыднаулоижьҭеи.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахада ҿыц Дмитри Федотов рашәара 6 инаркны инапынҵақәа рынагӡара далагоит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Аҟәа иҟоу Москва аҩны аиҳабы и.н. Михаил Масаев иажәақәа шьаҭас иганы.

"Дмитри Геннади-иԥа Федотов аусура далагоит ашәахьа, рашәара 6 рзы", - ҳәа Масаев иажәақәа аанагоит амаҵзура.

Уаанӡа Федотов Россотрудничество ахада иабжьгаҩыс дыҟан.
Россотрудничество ахаҭарнакра Аԥсны аус ауеит 2009 шықәса ԥхынҷкәын 18 раахыс. Напхгаҩыс дыҟан Вадим Чеха, уи инапынҵақәа рыҿҳәара нҵәеит ҭагалан 2021 шықәсазы.